Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны

Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы, Аԥсни Қырҭтәылеи акультура зҽаԥсазтәыз русзуҩ, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Нели Золотинска-иԥҳа Ҭарԥҳа илызкуп апоет Анатоли Лагәлаа анаҩстәи ианҵамҭа.
Sputnik

… Ушьаҿа иацҵа,
Адгьыл!
Аӷьараҳәа уныҟәа!
Диит Апоет!
Абрыскьыл уихымгәырҩан,
Уимыԥхьан Сасрыҟәа -
Д и и т  А п о е т!

Нели Ҭарԥҳа

Аԥсны жәлар рпоетесса Нели Ҭарԥҳа лроман "Амшын ҳәынҭқар Ҳаит" аԥхьажәаҿы илыҩуеит:

Зныҳәаԥхьыӡ сыцу апоет: Борис Гәыргәлиа диижьҭеи сынтәа 85 шықәса ҵит

"Аибашьра анцоз, аԥсра-ӡра ҳанҭагылаз ашәҟәқәа зыҩуаз, иҭзыжьуазгьы дубарын. Уимоу, Урыстәылаҟа ицаны, рыҽхьакны итәаны, адоктортә диссертациагь зыхьчаз ыҟоуп! Сара знык сшьара санықәҟьа, уаҳа акгьы саԥсамхеит аҩра аганахьала. Ҵоуп, иара убри аибашьраан, 1992 шықәса декабр мзазы мчылаҵәҟьа исҭакԥхықәроуп ҳәа, схы иадҵаҵәҟьаны изҩит сгәы иҭагьежьуаз, иахьеи-уахеи иҭҩуаз смыткәма-ессе: "Зыҷкәын дмыԥсыц уҷкәын диумырҵәуан", ҳҩызцәа гәашақәа Нелии Бориси Гәыргәлиааи Венереи Виталии Маршьанааи рхәыҷқәа, ҳаҷкәынцәа, ҳҵеицәа фырхацәақәа Абзагәи Беслани рҭахара - ахьаа иснаҭаз, иснарҩыз.

Нас изҩит убри амзаз ажәеинраалақәак, ашьҭахь ацикл "Ихәу ацәаҳәақәа" еиднакылаз. Ус иааит Марттәи ажәылара мышьҭацәгьа, сашьа иҷкәын лаша Арзик дзыхәлаӡыз. Уи зынӡак сыбӷа ааԥнаҵәеит. Уаҳагь цәаҳәак сзымҩит, нас, аибашьра анеилгагь, 1997 шықәсанӡа.

Анцәа ида издыруада, аиааира анаҳзыҟала, арсҟатәи ҳацәҭаханы, иҳаԥханы, рылымкаа ҳаҩныҟақәа рахь Аҟәаҟа ҳаныгьежь, сыҩны ашҭа сышҭалаз, сыҩны ашә аартны сшыҩналаз… Ус рашҭақәа ирҭалалааит, рыҩны ашәқәа ирхыҵлааит ахамышҭыхә ҳҭазыргылаз…

Егьызхарам ажәлар рыгәрыԥса цәгьоуп!..

Аҩыза игәаларшәара: Витали Амаршьан изы ажәа

Ҳагәрыԥса цәгьоуп азы ауп иҳаланхоз, ҳадгьыл ҳамазкуаз, ҳа ҳаиҳагьы қьаф алызгоз, аха еиҳа зҭаххаз - зегь зҭаххаз, ҳанзырҵәарцгьы зҭаххаз, бааԥсыжәла, ԥеиԥшцәгьа зроуз! "Ацәҟьа зҳаз иара дакит" ҳәа, иааҳәны дара рхы ишԥаси!.."

Апоет бзиа есымша заа ицәа иалашәоит иԥсадгьыл ашәарҭа аназыԥшу. Нели Ҭарԥҳа илдыруан лыжәлар акы шырзыԥшыз, убри азы акәын дзыӷьаҵәыӷьаҵәуаз уи заатәи лажәеинраалақәа рҿы. Уи бзианы ианыԥшуеит аибашьра иалагаанӡа, 1983 шықәса рзы илҩыз "Сшьам дгьыл" захьӡу, абра иаазго ажәеинраала ацыԥҵәаха.

Сшьам дгьыл,
Сыԥс адгьыл,
Сыхаара с-Аԥсны!
Ухьӡала адә иқәу,
Ухьӡала сыԥсып!

Иацтәи умш хьанҭа,
Иамҭан сышлоуп.
Уаҵәтәи умш нарҳаз,
Схы-сгәы лашоуп.

Еҵәак уцәкыдшәар,
Шәы-ԥсык, о, исцәагоит.
Мрак узкыдыԥхар,
Шәы-мракны исзыԥхоит.

Шәҭы ԥшӡа узҿалар,
Аӡын ааԥынхоит.
Бӷьы ԥшӡак кашәаргьы,
Сгәы еибарххоит.

Махәык уцәыхжәаргьы,
Дак сцәа иҭаԥсуеит.
Шәырк уцәдыршәшәаргьы,
Шьацмоушәа исҿаԥсоит.

Сашәа уоуп,
Смыткәма уоуп,
Сажәа хьанҭа уоуп,
Сажәа ласгьы уоуп!..

Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны

Нели Ҭарԥҳа акырынтә аудиториа дуқәа рҿы дықәгыланы избахьан ажәеинраалақәа данрыԥхьоз шаҟа гәыкала илзыӡырҩуаз, рнапқәа еинырҟьоз… Уи илдыруан ҳажәлар рхьаа ахәшә ахьақәҵатәыз, иахьырӷыӷктәыз, згәаҵәа жәпаз игәаҵәа шырҿыхатәыз, аԥхныгеиԥш иеидгылартә, иеилаҵәартә ишыҟаҵатәыз.

Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны

Уи даара хьаа дус илыман ҳажәлар абжеиҳараҩык амҳаџьырра ианага, уа Ҭырқәтәыла иахьаанхаз, арахь иахьзымаауа, рыԥсадгьыл ахь иааԥшны лаӷырӡышала иахьҵәыуоз… Убри азоуп 1977 шықәсазы Ҭырқәтәылаҟа ицоз ашәҟәыҩҩцәа ргәыԥ дзалалаз, уатәи лықәгыларақәа, лажәеинраалақәа иахьа уажәраанӡагьы аӡәгьы игәы иҭыҵәаӡом уа инхо…

Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны

Абра иаазгоит, убри ашықәс азы илҩыз "Асалам хьаа" захьӡу ажәеинраала ацыԥҵәаха. Уи рзынархоуп Ҭырқәтәыла инхоз аԥсуаа - Орҳан Ашамбеи, Ҭенгиз Абганбеи, Ирфан Атәанбеи.

Сашьцәа, сашьцәа,
Шәахьыҟазаалак,
Шәызмазаалак,
Сара издыруеит,
Ҭынч мҩа шәымаӡам,
Сара издыруеит,
Анцәа ишиҳәара шәыҟаӡам.

Анык илыхшаз,
Ар гәарҭак рҵеира,
Уаҩ дыззынамӡоз,
Здау-зԥашә ахь анеира,
Нарҭаа реиԥш агәгәаҳәа,
Зтәыла шҭа иҭибаҳәаз,
Нахыс-аахыс уаҳагьы,
Зыбжагьы хнымҳәӡаз…

Уаҩ дызмыхәаӡо,
Аӡиасқәа ирырхәашаз,
Лаԥш зхьымӡаӡо,
Амшын еиқәа ихыӡлаӡаз.
Атәым дгьылқәа,
Ранԥсара зызнымҵәаӡаз,
Зан гәакьа лыгәыкра,
Зыбӷа амыриашаӡаз…

Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны

Уажәы иаҳгәалаҳаршәап апоетесса лнысымҩа, уи лнапы иҵылхыз лышәҟәқәа рыхьӡқәа, ианҭыҵыз, иахьҭыҵыз, уи ҳлитература аҭоурых аҿы еицамкӡо уаҵәтәи аҿар ирзынхароуп.

Ҭарԥҳа Нели Золотинск-иԥҳа диит абҵара 11 1934 шықәсазы Аԥсны, Гәдоуҭа араион Дәырԥшь ақыҭан, лыԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәа 19 2014 шықәсазы, Аҟәа ақалақь. Аԥсуа поет, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩы. Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы. Аԥсни Қырҭтәылеи рҟны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат (2004; ароман "Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ" азы). СССР-и (1957) Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа рлахәыла, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1999). Дыҩуан аԥсышәала.

Аҵара лҵон Дәырԥшьтәи абжьаратәи ашкол аҟны. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аԥсуа сектор далгеит (1959). Аус луан ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" аредакторс (1961), аредактор еиҳабыс (1968), адиректор ихаҭыԥуаҩс (1988). Ашьҭахь – Асоветтә хәыҷтәы фонд (Аԥсны ахәыҷтәы фонд ҳәа ишьақәгылаз) Аԥснытәи аҟәша деиҳабын.

Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны

Раԥхьатәи лажәеинраалақәа хԥа кьыԥхьын "Альманах" (№4) аҟны 1952 шықәсазы. Лырҿиамҭақәа (Аочеркқәа убрахь иналаҵаны) рнылон ажурналқәа: "Алашара", "Амцабз", "Абаза", "Черкесский мир", агазеҭқәа: "Аԥсны ҟаԥшь", "Аԥсны", "Советская Абхазия", "Еҵәаџьаа", "Литературная газета" (Москва); "Антология абхазской поэзии" (М., 1958); "Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә." (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009); аизга "Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа. Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи" (Аҟәа-Сухум, 1995); аочеркқәа реизга "Аамҭеи ауааи" еиуеиԥшым аҭыжьымҭақәа; ашәҟәы "Сухумские мотивы. (2500-летию Сухума посвящается) (М., 2005) уҳәа егьырҭгьы.

Н. Ҭарба 30 инареиҳаны апоезиатәи, апрозатәи, апублицистикатәи ҩымҭақәа еидызкыло ашәҟәқәа дравторуп.

Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны

Лпиеса "Амра аԥҳа" акәзар, К. Шь. Ломиа ипоема "Амра аԥҳа" амотивқәа рыла иҩуп. 1978 ш. иқәыргылан С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Араҟа иқәыргылан аҩбатәи лпиеса "Ашәа аԥҵара мариам".

Н. Ҭарба лырҿиамҭақәа жәпакы еиҭагоуп аурыс, аукраин, аҟабарда, ақырҭуа уҳәа абызшәақәа рахь. Аԥсшәахь еиҭалгеит А. де Сент-Екзиупери иҩымҭа "Апринц хәыҷы", Лесиа Украинка – "Абна лакә", И. Фучик - адокументтә-сахьаркыратә шәҟәы "Ашьацҳәа зыхәда иахаршәу ирепортаж" уҳәа егьырҭгьы.

Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны

Аҭыжьымҭақәа

Аԥсышәала: Бзиа избоит амҩа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1955; Ааԥынра агәы. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Аҟәа, 1958; Бзыԥтәи аповест. Аповест. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1961; Ақәыԥшреи агәҭыхеи. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1964; Маҵиса. Аԥсымра ашәа аԥҵара мариам. Аповестқәа. Ажәабжьқәа. Апиеса. Аҟәа, 1967; Ҭаҭрашь-Гьаргьалашь. Ахәыҷтәы поема. Аҟәа, 1968; Аԥа. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1969; Аразҟы шкәакәа. Алирикатә етиудқәа, аповест, апиеса. Аҟәа, 1971; Аимак џьашьахәы. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1973; Аҽыхәа иаҵәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1974; Хаҭажәыҟәеи Саҭажәыҟәеи рлакә. Апоема. Аҟәа, 1976; Сабацәа рашәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1978; Мышәи-Шьапажәи анбанқәа рыхҭыси, арԥыс хәыҷы Хәажәарԥыси. Апоема ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1979; Ашьыжь шана. Ажәеинраалақәеи апиесеи. Аҟәа, 1980; Ажәеинраала ҿыцқәа. Ани аԥеи. Амԥсреи. Апоема. Аҟәа, 1983; Ажәеинраалақәа. Абалладақәа. Алирикатә поемақәа. Аҟәа, 1983; Ажәеинраалақәа. Абалладақәа. Алирикатә поемақәа. Аҟәа, 1984; Уҷкәыннаҵ. Аповестқәа. Ажәабжьқәа. Адрама. Аҟәа, 1985; Ақәра: Апартиазы ашәа (Акантата), Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Аҟәа, 1987; Ихәу ашәҟәы. Ажәеинраалақәа. Аибашьраанӡатәиқәа – аибашьрашьҭахьтәиқәа. Уи ашьҭахьтәиқәа иахьатәиқәа. Апоемақәа. Аессеқәа. Аҟәа, 2000; Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ. Ароман-дилогиа. Абацәа рыдгьыл. Актәи ашәҟәы. Аҟәа, 2002; Аҩымҭақәа. 4-томкны. Аҟәа, 2006-2010; Алакәтәыла. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 2011.

Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны

Аурысшәахь аиҭагақәа: Сердце весны. М., 1961; Капля в море. Книга стихов. М., 1968; Солнце мертвых. Повести. М., 1983. (Переиздание – Сухуми, 1989); Белый конь. Стихи. М., 1984; Волшебное утро. Стихи. М., 1988.

Аҟабарда бызшәахь аиҭага: Адгьыл агәы. Ажәеинраалақәа. Нальчик, 1991.

Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны

Нели Ҭарԥҳа лыԥшәма Кәымф Ломиеи лареи поетцәа дуқәан, урҭ аҩыџьагьы ҳлитератураҿы рышьҭа ахааназы иԥшӡаза иаанрыжьит.

Зхы-зыԥсы ақәҵан зус иаҿыз: Кәымф Ломиа игәалашәара иазкны

Урҭ ахьышәҟәыҩҩцәа бзиақәаз анаҩсгьы, ҳлитература ахьӡ Аԥсны иалганы адунеи ахырҵәараҿы даара аџьабаа ду рбеит, ирыман аҩызцәа рацәаҩӡаны, урҭ ҳаԥсадгьыли ҳлитературеи иазҿлымҳахартә, бзиа ирбартә иҟарҵеит, дара рыбзоурала Урыстәылеи егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи зегьы рахь еиҭаргартә иныҟәеит ҳлитература иаланагалахьаз иреиӷьӡаз аҩымҭақәа. Уи иааира дуун, избанзар, адунеи иабар акәын ҳаԥсабареи ҳамшыни рыԥшӡара анаҩсгьы, ишыҟоу ҳдоуҳатә культура ду, ҳлитература.

Нели лхы-лыԥсы ақәҵаны алитературатә ус ԥшьа даҿын лҭаацәа ду илцәыргоз аамҭа шырацәазгьы… Уи дызлалагаз апоезиа есымша илыцын, иаҳҳәап, инеиҵыху лроман ду "Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ" данаҿызгьы, лпоезиатә ҩымҭақәа лыцрыҵӡомызт, есымша илыцын… Уи ус шакәу агәра узырго, абра иаазгоит лажәеинраала "Споезиа" ахы инаркны аҵыхәанӡа.

Схәыҷрагьы,
Сқәыԥшрагьы,
Сажәрагьы,
Сҟәышрагьы,
Споезиа, уара!

Сыгәҭыхагьы,
Схьаагьы,
Сыгәҿыхагьы,
Сҳәаагьы,
Споезиа, уара!

Сгәырӷьагьы,
Сыччагьы,
Сәыӷрагьы,
Сышәҭрагьы,
Споезиа, уара!

Сыгәаӷьрагь,
Сқәыԥшрагьы,
Сыӷәӷәарагь,
Сымчрагьы,
Споезиа, уара!

Сҳәоу наӡа
Сашәагьы,
Наунагӡа
Сашәагьы,
Споезиа, уара!

Исԥылоугьы,
Исԥырҵуагьы,
Зықәрагьы
Нысҵрагьы,
Сыԥсрагьы, сымԥсрагьы,
Споезиа, уара!

Иныҳәаз Ажәҩан,
Ухьӡ зху!
Иныҳәаз адгьыл,
Уа узну!..

Нели Ҭарԥҳа, раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса, зыпрозатәи зпоезиатәи рҿиамҭақәа рыла ҳлитература зырбеиаз, уаҵәы игыло аҽар гәахәара дула зҩымҭақәа ирыԥхьо, злитературатә нарха ӷәӷәоу, зыжәлар бзиа ирбоз, иахьагьы ирбо, аԥсшәа Аԥсны ҟьаҟьа дуӡӡа иқәҩуанаҵы зырҿиамҭақәа ҳацу, ахааназы ҳгәы дыԥхаӡа дҭоуп!

Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны