Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа аӡиас иагаз атуристка лыԥшаара еиҭалагеит

Урыстәылатәи атуристка Дариа Манасова Бзыԥ аҩхааҿы аӡиас Иаӷьа далаҳаит амҽыша рашәара 6 рзы. Агәгәаҳәа илеиуаз аӡы иаразнак дахәланагалеит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа аӡы иагаз Ҭаҭарсҭан атәылауаҩ Дариа Манасова лыԥшаарақәа ирыцырҵеит рашәара 7 шьыжьнаҵы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура. 

Аԥшааратә операциа иалахәуп 30-ҩык рҟынӡа АҶА аусзуҩцәеи Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аусзуҩцәеи еицхырааны.

Амашәыр ҟалеит ҳәа Аԥсны АҶА аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра роуит рашәара 6, 18 сааҭ 35 минуҭ рзы, атуристка аӡиас Иаӷьа далаҳаит Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аҟны Иаӷьатәи аӡхыҽҽахьы (Аӡкылҟьа) уахьаваҵәиуа азааигәара иҟоу амаакыра змам ацҳаҟынтәи.

Аиқәырхаратә ҟәшақәа рашәара 6 ахәылԥаз адырра шаароузҵәҟьа Бзыԥ аҩхаахь идәықәлеит. Аҽны хәлаанӡа аиқәырхаҩцәа аӡиасқәа Иаӷьеи Бзыԥи ргәаҭара иаҿын, уи иадҵны ицо амахәҭақәагьы ҭырҵааит. Аха дырзымԥшааит: ашьхараҿы ақәа ӷәӷәаны иахьлеиуа иахҟьаны Бзыԥ аҩхаа аӡиасқәа зегьы ирыцлеит, урҭ акыр иаӷьны илеиуеит, уи аԥшаарақәа акыр идыруадаҩуеит.