Аԥсны аоперштаб: иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла 42 коронавирус хҭыс ҿыц азгәаҭоуп

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15505-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 14901-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 236-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 6 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 234-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 42-а рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 29-ҩык, урҭ рахьтә 28-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 11-ҩык, ибжьаратәуп - 18-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 38-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә фҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 11-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 14-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - ааҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>