Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Гьемуа еиҭеиҳәеит ақыҭа ԥсҭазаара феидас иалоу атәы

Аҟәа инхо, аха Бабышьра ақыҭаҿы аџьықәреи аазрыхуа, Арасаӡыхь ашьхымзаҭра змоу Наур Гьемуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит дхәыҷы аахыс ақыҭа изацу агәыбылра, насгьы инапы злаку аус аҿы еиҳарак агәахәара изҭо атәы.
Sputnik
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Гьемуа еиҭеиҳәеит ақыҭа ԥсҭазаара феидас иалоу атәы

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи, уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.

Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.