Ауаажәларратә екологиатә еиҿкаара "Аԥсабара" ахаҭарнакцәа 50 шьаҭа колхидатәи ашыц еиҭарҳаит Бзыԥтәи аҩхаа аҵакыраҿы. Арҭ аиҭаҳатәқәа ааӡан аиҿкаара имҩаԥнаго апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьениеи Соломкои Аԥсны ашыц апроблема иазкны
© Sputnik
"Ҳара хә-нызқь инарзынаԥшуа ҵәыла ашыц ыҵаҳҵеит, урҭ рахьынтә абжа аанхеит. Уи ҳаргьы иаҳзымыхьчазар ҟалап, избанзар, ас еиԥш аусура апроект маҷ аҳәаақәа ирҭагӡаны анагӡара уадаҩуп, уи аҳәынҭқаара имҩаԥнагозароуп", - ҳәа азгәалҭеит Џьниаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Бзыԥтәи аҩхааҟны аволонтиорцәа 50 шьапы ашыц еиҭарҳаит