Атуроператорцәа рассоциациа Аԥсны атуристцәа рырацәара азыԥхьагәанаҭоит

2021 шықәсазы Аԥсны миллионки бжаки рҟынӡа атуристцәа ирзыԥшуп. Лаҵарамзатәи аныҳәамшқәа рзы ареспублика иаҭан 150 000-ҩык рҟынӡа атуристцәа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik. 2021 шықәсазы Аԥсны "атуристтә бум" ҟалараны иҟоуп ҳәа аҩуеит урыстәылатәи Атуроператорцәа рассоциациа апортал.

Ахацәа компаниала аԥсшьаразы иалырхуа аҭыԥқәа иреиуоуп Гаграгьы

Аекспертцәа ргәаанагарала ари иацхраауеит акоронавирус азы ПЦР-диагностика ахьаҭахым, ареспублика алалара ашьҭахь акарантинтә ԥкырақәа ахьыҟам, урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы ала аҳәаа ахысра ахьалшо.

Уи адагьы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ихынҳәуа COVID-19 аҟынтә ПЦР-тестқәа арымҭар рылшоит.

АТОР акорреспондент аԥснытәи акурортқәа - Гагра, Пицунда, Афон ҿыц, Аҟәа, аӡиа Риҵа уҳәа аҭыԥ ԥшӡарақәа дырҭааит абри ахырхарҭа аԥыжәарақәа дрылацәажәарц.

Шәачантәи Гаграҟа атрансфер 30-40 минуҭ аамҭа агеит. Сынтәа Гагра активла ақалақьтә парки амшынԥшаҳәеи рырԥшӡара иаҿуп.

Акорреспондент ажәытә Гагреи аресторан "Гагрыԥшьи" рҭаара ахәаҭны иԥхьаӡоит. 1902 шықәсазы апринц Ольденбургски Париж имҩаԥысуаз адунеизегьтә цәыргақәҵаҿы иааихәеит ԥхьаҟатәи аресторан "Гагрыԥшь" амҿытә хыбра. Иара еимыхны Аԥсныҟа иааргеит. Ахыбра аидкылараҟны ҵәымаӷ цырак ахы иархәамызт.

Аресторан иаҭаахьан Николаи II, Иосиф Сталин, Антон Чехов, Иван Бунин, Фиодор Шалиапин, Максим Горьки. "Гагрыԥшь" иҭыхын афильм "Зимний вечер в Гаграх" асценақәа.

Аԥсны ҭаацәалатәи аԥсшьаразы иреиӷьу 15 тәыла иреиуахеит

Ахыбра иахьанӡагьы аханатәтәи аԥшра амоуп, акырынтә аиҭашьақәыргылара шахнагахьоугьы.

Акорреспондент иара убасгьы сынтәатәи аԥхынразы аԥсшьара ахьалшо гагратәи аотельқәа еиқәиԥхьаӡеит.

Гагра ашьҭахь АТОР абжьгара ҟанаҵоит зымшын цқьоу, мзаҵлала иҭалаҳау Пицунда аҭаара.

Иара убасгьы ихымԥадатәны иҟоуп аӡиа Риҵа, Иуԥшаратәи аиҩхаа, аӡхыҽҽақәа, Сталин идачақәа рбара.

Афон ҿыцгьы хымԥада аҭаара зҭаху аҭыԥқәа ирыҵаркит. Ҷыдала – Афонтәи аҳаԥы, Афонтәи ауахәама, Симон Кананит иуахәама, Ԥсырӡхатәи аангыларҭа.

Аган иавамхеит атәыла аҳҭнықалақь Аҟәагьы. Убри аан ара узҭааша ирыҵаркын аџьармыкьа хада.