Урыстәылатәи аԥшыхәцәа Аԥсны ашьхараҿы "адиверсантцәа" ҭадырхеит

Аполигон Ҵабал аҿы аҽазыҟаҵаратә уснагӡатәқәа ирылахәын 100-ҩык аԥшыхәцәа, 30 ак арратә техника.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 8 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа-аԥшыхәцәа аҽазыҟаҵарақәа раан "аӷа" идиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа ҭадырхеит, абри атәы аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Амотохысцәа Аԥсны ашьхараҿы аверталиотқәа рхархәарала аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Алегенда инақәыршәаны адиверсантцәа ашьхараҿы рҽыҵәахны иҟан.

Аԥшыхәратә дозор "аӷа" икоммуникациақәа аԥырхит ацифратә еимадареи анавигациа "Грот-М", аԥшыхәратә комплексқәа "Стрелеци" рхархәарала. 

Анаҩс аррамаҵзурауаа адиверсантцәа рмаршрут иаҵанакуеит ҳәа ирыԥхьаӡаз аҭыԥқәа рҟны амҩақәа ркит. Арантәи аснаиперцәа "аӷа" иеихсуан.

Иара убасгьы аснаиперцәа аԥсабаратә ландшафт ахархәарала, ирымаз аштаттә хархәагақәа рыла ирымбартә аҽыҵәахра аԥышәарақәа мҩаԥыргеит.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын аԥшыхәратә машьынақәа "Дозор", акәылӡытранспортиорқәа БТР-82АМ, акәылӡыавтомашьынақәа "Тигри"  КамАЗ "Мустанги", аимитациатә зариадқәа ИМ-120, асигналтә ракетақәа, ахы зҭам абџьар.