Аԥсны аҵара аминистрра аушьҭымҭацәа рыхәылԥазқәа заҟәырхуа атәы рҳәеит

Аушьҭымҭацәа рзы ақалақьтә хәылԥазқәа ҟалаӡом, абри атәы иҳәеит Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо Аԥсны Аҵара аминистр Инал Габлиа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 9 – Sputnik. Аԥсны аҵара аминистрреи Агәабзиарахьчара аминистрреи аушьҭымҭацәа рыхәылԥазқәа рымҩаԥгара азҵаара иалацәажәеит, иагьырыӡбеит ақалақьтә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара сынтәа иаанкылазарц, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусбарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Аслан Қәҭелиа.

Аҵара аминистрра: аушьҭымҭацәа рзы ақалақьтә балқәа ҟалаӡом

"Аушьҭымҭацәа раԥхьаҟа аԥышәарақәа рзыԥшуп. Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭало абитуриентцәа ковид шрымам азы аршаҳаҭгақәа рҭаххоит. Ааи, амассатә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит аха ҳара ҳаушьҭымҭацәа ҳрызхәыцып. Аӡәызыҵәык иакәзаргьы ачымазара змоу – раԥхьаҟатәи аусқәа шьақәҟьар алшоит. Ҳгәыӷуеит ауаа ҳаилыркаап ҳәа", - иҳәоит иара.

Қәҭелиа иҳәеит абалқәа рыҟамлара ишаанамго аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы аныҳәагь ҟалом ҳәа.

Уаанӡа аминистр иҳәеит ажәеизатәи акласс аҵаҩцәа рԥышәарақәа шхыркәшахо ԥхынгәы 1 азы. Габлиа иажәақәа рыла, аттестатқәа рыҭахоит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭало абитуриентцәа ԥхынгәы 3 аҟынӡа. Аминистр иҳәеит изҭаху аушьҭымҭацәа зегьы урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь адокументқәа рылаҵара ишахьӡо.

Апресс-маӡаныҟәгаҩ иажәақәа рыла, иаҭаххар иалшоит хаҭала аԥышәарақәа заанаҵы рыҭира. Уи азы аҵараҵара ргәы иахьҭоу аҵараиурҭаҟынтә аршаҳаҭга рымазароуп, уа аҭаларатә ԥышәарақәа еиҳа заа ишымҩаԥысуа.