Аԥсны акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа 46 ҟалеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15595-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 14983-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 238-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 9 – Sputnik. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы рашәара 8-9 рзы рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациентцәа, ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб:

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 202-ы атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 46-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 28-ҩык, урҭ рахьтә 27-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп быжьҩык, ибжьаратәуп - 21-ы.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 34-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә ааҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 11-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 17-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - быжьҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>