Аслан Бжьаниа Хьыбла Гьерзмааԥҳа иланаршьаз Урыстәылатәи аҳамҭа лыдиныҳәалеит

Хьыбла Гьерзмааԥҳа алитературеи аҟазареи рыҟны иналукааша леихьӡарақәа рзы 2020 шықәсазтәи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә аԥхьахә ланашьоуп.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 10 – Sputnik. Аслан Бжьаниа Хьыбла Гьерзмааԥҳа алитературеи аҟазареи рыҟны иналукааша леихьӡарақәа рзы иланашьахаз 2020 шықәсазтәи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә аԥхьахә лыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Хьыбла Гьерзмааԥҳа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә аԥхьахә ланашьахеит

"Зеиԥш маҷу Шәара шәыбжьы, шәбаҩхатәра ду, ишәылоу аџьа, абзиабара, шәыԥшӡара ахәаԥшцәа аршанхоит, рыбзиабара арҿыхоит. Аҳәынҭқарратә ныҳәа хада амш аҽны Урыстәыла Ахада инапы аҟынтә иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ируаку ахьшәанашьахо Урыстәылеи адунеизегьтәи аопертә ҟазара аҿиараҟны шәылшамҭа дуқәа разхаҵара иазҳәоуп. Аԥсны жәлар Шәара ишәызгәыдууп, бзиа шәырбоит, шәыдгьыл гәакьаҿ еснагь ишәзыԥшуп", - аҳәоит адныҳәалараҿы.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит афестиваль "Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит..." зеиӷьыҟам агәалаҟазаара ҟазҵо Аԥсны акультуратә хҭыс хадақәа ируакхеит, ҳтәыла ахьӡ-аԥша шьҭнахуеит, иӡырнагоит ҳәа.

Ахада Хьыбла Леуарса-иҧҳа, илзеиӷьеишьеит агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара, аихьӡара ҿыцқәа.

Владимир Путин аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рыҭара мҩаԥигоит Кремль, рашәара 12, Урыстәыла Амш азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: