"Гәылрыԥшь араион аҿы аҳәаанырцәынтәи иааз ҳашьцәа 300 ҭӡы рҟынӡа ҳнеихьеит. Акыр шықәсқәа ара инхоит, аха аԥсшәа цқьаны изҳәо ҳәа уамак ирацәаӡам. Аиларҵәара азҵаара ишаҳҭахыз еиԥш изыҟамлеит, убри азы даргьы ҳаргьы ҳаилацәажәан программақәак аԥаҳҵарц азыӡбоуп. Ахәыҷқәа рзы хазы, адуцәа рзы хазы. Аҳәаанырцәынтәи иаази ара аҭыԥан инхои злоу еилаҵаны еиқәҳаршәар ҳҭахуп", - еиҭеиҳәеит Бганба.
Бганба иҳәеит, ҳџьынџьуаа рхатә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәаразы азҵаараҿы зегь реиҳа ихаданы ииԥхьаӡо.
"Уаанӡа Аԥсны ахьыҟоу ахсаалаҿы издыруа уамак ирацәаӡамызт, аха уажәы аамҭа убас иҟалеит, Ҭырқәтәыла џьарак еизарак аҿы аӡәы сара макьана Аԥсны сымбаӡацт иҳәар, уамашәа ирбоит. Аԥсны инхо рынхашьа хәыҷык еиӷьны иҟаҳҵар, зегь иреиҳау пропагандахоит ҳџьынџьуаа рзы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Бганба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҳаразиа Шьамтәыла инхо ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара иазкны