Гәдоуҭа аҳәаанырцә-тәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахразы ауааԥсыра рыдыркылоит

Урыстәылатәи аҳәаанырцә-тәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахра аиҿкааразы ауааԥсыра рыдыркылоит гәдоуҭатәи аԥошьҭа хада ахыбраҿы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 10 - Sputnik. Гәдоуҭа араион аҿы Урыстәыла аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахразы иахәҭоу адокументқәа реиқәыршәаразы ауааԥсыра рыдыркылоит, аконсультациақәа мҩаԥыргоит мышкы ахы аҵыхәала – рашәара 12 азы, абри атәы лҳәеит Урыстәыла аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахреи атәылауаҩра аиуреи рзы апункт анапхгаҩы Фаина Герман.

Уаанӡа Sputnik ари аус ихароу араионқәа рҟынтәи ауааԥсыра рус армариаразы, ауаа ҩынтә-хынтә Аҟәаҟа аара рықәымшәарц азоуп асеиԥш аус зеиҿыркааз ҳәа лҳәоит Фаина Герман.

"Ари ихароу араионқәа рҟынтәи ҳуааԥсыра рус армариаразы азоуп асеиԥш аус зеиҿыркааз. Адокументқәа рыхкьыԥхьаақәа аагоит реиҿкааразы. Нас иарбоу аамҭазы урҭ зтәу хаҭала Ацҳаражәҳәарҭахь инеины адокументқәа арҭоит", - лҳәеит лара.

Ауааԥсыра рыдыркылоит аԥошьҭа хада ахыбраҿы (Афырхацәа рымҩа №10) асааҭ 10:00 инаркны.

Убри аан ирымазаароуп:

  • Урыстәыла атәылауаҩ иҳәаанырцәтә тәылауаҩшәҟәы
  • Аҭыӡҭыԥ зну Аԥсны атәылауаҩ итәылауаҩшәҟәы
  • Урыстәыла атәылауаҩраз аҩнуҵҟатә тәылауаҩшәҟәы (ирымазар)
  • Аиразы аршаҳаҭга
  • Аҳәса рзы аҭаацәара ишалоу азы аршаҳаҭга
  • Афотосахьақәа ԥшьба (3,5/4,5).

Фаина Герман иазгәалҭеит урыстәылатәи аҳәаанырцә-тәылауаҩшәҟә аԥсахразы адокументқәа рыдкылараз мызкахь знык Очамчыреи Тҟәарчали араионқәа рҿы инеины ауаа рыдыркылоит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: