Логәуа "Ерцахә" ахыбразы: жәлар рыкәашарақәеи рашәақәеи реиқәырхаразы ихәшәуп
© Sputnik
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы рашәара 10 асааҭ 18 рзы имҩаԥысуеит Жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи Очамчыратәи ансамбль "Ерцахә" аконцерт.
"…Ҳажәлар рашәақәеи рыкәашарақәеи ԥхьаҟа иҳазгозар, аҿар акыр ҳаздырбозар, иаҳхьыԥшуа аӡәы дыҟазар ҳәа хықәкыс иҳамоуп. Зқьышықәсала еиқәырханы ҳауаажәлар иааргоз ҳфольклор ҳбызшәа иаҩызоуп, уи еиқәырхатәуп. Ҳраион аҟны аҿар абарҭқәа рахь ихьаҳарԥшуеит. Насгьы сақәгәыӷуамызт, аха усшәа иҟаланы иҟоуп, избанзар дара еибарыҩны инеиуеит, уи угәы ҟанаҵоит, ҳаиднакылоит",- иҳәеит Логәуа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.