Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Логәуа "Ерцахә" ахыбразы: жәлар рыкәашарақәеи рашәақәеи реиқәырхаразы ихәшәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВианор Логуа
Вианор Логуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2021
Анапаҵаҩра
Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи ансамбль "Ерцахә" аконцерт мҩаԥысуеит рашәара 10 рзы, Аҟәа. Ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Вианор Логәуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақәгылара шеиҿкаахо, далацәажәеит Очамчыра араион аҟны акультуратә хәышҭаарақәа рҭагылазаашьа.
Логәуа "Ерцахә" ахыбразы: Очамчыра жәлар рыкәашарақәеи рашәақәеи реиқәырхаразы ихәшәуп

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы рашәара 10 асааҭ 18 рзы имҩаԥысуеит Жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи Очамчыратәи ансамбль "Ерцахә" аконцерт.

"…Ҳажәлар рашәақәеи рыкәашарақәеи ԥхьаҟа иҳазгозар, аҿар акыр ҳаздырбозар, иаҳхьыԥшуа аӡәы дыҟазар ҳәа хықәкыс иҳамоуп. Зқьышықәсала еиқәырханы ҳауаажәлар иааргоз ҳфольклор ҳбызшәа иаҩызоуп, уи еиқәырхатәуп. Ҳраион аҟны аҿар абарҭқәа рахь ихьаҳарԥшуеит. Насгьы сақәгәыӷуамызт, аха усшәа иҟаланы иҟоуп, избанзар дара еибарыҩны инеиуеит, уи угәы ҟанаҵоит, ҳаиднакылоит",- иҳәеит Логәуа.

Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0