АҞӘА, рашәара 10 – Sputnik. Арадиоелектронтә ҿагылара аҟәшақәа рыруааи аҳауаҽацәыхьчаратә ҟәшақәа рыруааи Амшын еиқәа аҵакыраҿы "аӷа" аԥырҩы дызҭам ихархәагақәа – адронқәа ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аокруг апресс-маҵзура.
Арадиоелектронтә ҿагылара аҟәшақәа рыруааи аҳауаҽацәыхьчаратә ҟәшақәа рыруааи аусеицура мҩаԥыргеит аппаратқәа "Житель", "Красуха" реиԥш иҟоу арадиоелектроншьаҽыгеи аԥшыхәратәи астанциақәеи рҭархаразы.
Арадиолакациатә ҟәшақәа рыруаа "аӷа" идронқәа ҭарыԥшыхәит, адыррақәагьы акомплексқәа РЕБ ахь инарышьҭит. РЕБ арасчотқәа рҟазауаа дистанциала адронқәа русура шьақәырҟьеит, зхала иныҟәо азенит-ракетатә комплексқәа "Стрела-10" аракетақәа рыла иҭадырхеит.