Аӡбарҭа Ахрик Аҩӡба иганахьала ахарадҵатә зыӡба аднакылеит

Ахрик Аҩӡбеи иҩызцәеи рганахьала Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭаҿы аусхәаԥшара хацыркын лаҵара 12 рзы. Дара абџьар закәаншьаҭада аахәареи аҵәахреи азы ахара рыдырҵон.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 11 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭаҿы Ахрик Аҩӡба закәаншьаҭада абџьар аахәаны иҵәахны иман ҳәа ахара ихарарҵеит.

Ахрик Аҩӡба хышықәса ҭакрада ахгареи 10 000 мааҭ ахараԥса ашәареи иқәырҵеит. Аслан Гуатижев, Андреи Лактионов, Талех Гасанов, Станислав Культа дыриашеит.

Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа хәажәкыра 4 рзы Ахра Аҩӡба дахьынхоз аҩнаҟны иаадырԥшит иҵәахыз абџьар, аџьаԥҳаны, ахархәага ҷыдақәа, арадиодырраҭара мҩаԥызго ашьақәгылақәа. Ашьаус хацыркын уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.

Ахара рыдырҵон ари аус ала иара убасгьы Ахра Аҩӡба дзыхьчоз ԥшьҩык – Талех Гасанов, Аслан Гуатижев, Андреи Лактионов, Станислав Культа.

Лаҵара 12 азы Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡба иус ахәаԥшра хацнаркит.