Аԥсни Урыстәылеи аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррақәа аҳәаахьчара азҵаарақәа ирыхцәажәеит

Аԥсни Урыстәылеи аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы рминистррақәа рҳәаахьчаратә зонаҿы реилакқәа реилатәара мҩаԥысит Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспубликаҿы рашәара 10 азы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 11 – Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы рминистррақәа рхаҭарнакцәа аҳәаахьчаратә зонаҿы ашәарҭадареи азинеиҿкаареи рызҵаарақәа ирылацәажәеит Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспубликаҿы рашәара 10 азы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

"Аусбарҭабжьаратә еиԥылараан аганқәа ргәаанагарақәа еимырдеит аҳәаа иаԥну аҵакырақәа рҿы азинеиҿкаареи ашәарҭадареи рызҵаарақәа рзы, иара убасгьы ирылацәажәеит амҩатә ныҟәара ашәарҭадара аусхк аҟны аинырра аиҿкаара, аҿар рыбжьара аекстремизм ацәырҵра аҿагылара уҳәа азҵаарақәа", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар иқәгылараан иазгәеиҭеит имҩаԥырго аус ацәгьоура азԥхьагәаҭареи аԥырҟәҟәаареи рҟны хра аманы ишыҟоу.

"Иахьа агәра го иуҳәар алшоит аусеицура аԥеиԥшқәеи арбагақәеи рыӡбахә – аоператив-маҵзуратә усураҿ аинформациатә еимдара ахырхарҭеиԥш аҳәаа иаԥну аҵакырақәа рҿы ауаажәларратә зинеиҿкаара аиқәыршәаразгьы", - ҳәа иҳәоит иара.

Аԥсни Урыстәылеи аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррақәа аҳәаахьчара азҵаарақәа ирыхцәажәеит

Аусутә еиԥылара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Урыстәыла ААР аусбарҭа хада, Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аусбарҭа ахада, Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Ҟарачы-Черқьессктәи ареспублика аҿы аусбарҭа хада рхаҭарнакцәа.

Аиԥылара аихшьаалақәа рыла аганқәа рнапы аҵарҩит ԥхьаҟагьы аусбарҭабжьаратә усура аконсолидациатә ҭагылазаашьа азҭаша Аԥкаанҵа.