Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла 70-ҩык акоронавирус рыдырбалеит Аԥсны

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15711-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15026-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 238-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 11 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 247-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 70-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 31-ҩык, урҭ рахьтә 30-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 11-ҩык, ибжьаратәуп - 20-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә ааҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 12-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - жәҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>