АҞӘА, рашәара 12 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 177-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 45-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 38-ҩык, урҭ рахьтә 37-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 12-ҩык, ибжьаратәуп - 26-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә ааҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 10-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - ааҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>