Борис Багаҭелиа Урыстәыла асамбо азы аицлабрақәа рҿы аиааира игеит

Аспорт бзиа избо рыбжьара I Урыстәылазегьтәи аԥхынтәи аспорттә хәмаррақәа мҩаԥысуеит рашәара 11-17 рзы Ставропольтәи атәылаҿацә Кисловодск акалақь аҟны. 
Sputnik

АҞӘА, рашәара 13 – Sputnik. Борис Багаҭелиа актәи аҭыԥ ааникылеит асамбо азы аицлабрақәа рҿы Аспорт бзиа избо рыбжьара I Урыстәылазегьтәи аԥхынтәи аспорттә хәмаррақәа раан 98+ зкапануа рыбжьара. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

Борис Багаҭелиа - аветеранцәа рыбжьара ҩынтә ичемпионхахьоу, адунеи ачемпионат аҿы араӡни аџьази занашьахахьоу, аветеранцәа рыбжьара Урыстәыла ынтә иачемпионхахьоу, самбо азы жәларбжьаратәи акласс змоу аспорт, "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу спортсменуп.

Борис Багаҭелиа Урыстәыла асамбо азы аицлабрақәа рҿы аиааира игеит

Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа урыстәылатәии асоветтәии спорт аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит рашәара 10-17 рзы х-қалақьк рҟны спортхкқәа 10 рыла. Ахәмаррақәа ирылахәуп 1000 аспортсменцәа. Арҭ аицлабрақәа традициак иаҩызаны имҩаԥыргалар рҭахуп шықәсык ахь ҩынтә.