Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҭыжәба Аҟәа араион аҿы иҟоу абгыӡыр аплантациақәа ирызкны
© Sputnik
"Абаҳча еиҭаҳан 2019 шықәса рзы. Ҩ-гектарки бжаки адгьыл аҵанакуеит. Еиҭаҳан 1400 шьапы. Сынтәа агьама ҳбароуп. Ашьаҭақәа зегьы еиқәымхеит, аха еиҭа иалеиҭаҳан, сахьахәаԥшуа, уи аус еиҭа имҩаԥгатәхоит. Иҟоуп анаплак маҷқәа абгыӡыр иалху ашәырӡ ҭзыжьуа, уи азоуп аплантациа аԥҵара зазгәаҳҭазгьы. Макьана аиқәшаҳаҭра ҳабжьаӡам, аха иҭзыжьуа ҳзасхьеит, уи аҟнытә аҭиразы ауадаҩра ҟалом ҳәа ҳгәы иаанагоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҭыжәба.
Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы еиҭеиҳәеит абгыӡыр ааӡаразы иаҭаху, ҳтәылаҿы адгьыл иахьынӡанаало атәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.