"Ахыбраҿ амцакра": Аԥсны АҶА Тҟәарчал аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагеит

Аиқәырхаҩцәа амҩа-транспорт машәыр аԥыхреи ахыбрақәа руак аҿы амца арцәареи рзы апрактикатә уснагӡатәқәа мҩаԥыргон.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik. Аԥсны АҶА амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа планлатәи рҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган Тҟәарчал, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Амцарцәаразы: Аԥсны АҶА аусзуҩцәеи Урыстәыла ААО аруааи аицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

"Раԥхьа амҩа-транспорт машәыр аан ахымҩаԥгашьа апрактикатә уснагӡатәқәа мҩаԥган. Иаҭахны иҟан излалшо ала ирццакны, агидравликатә хархәагала автомашьына ахыб ԥҟаны, ааха зауыз ауаҩы иҭыгара, ахәышәтәырҭахь ишьҭра", - аҳәоит апресс-маҵзура адырра.

Аҩбатәи аетап аан ақалақь ахыбрақәа руак аҿы амца дырцәон. Алегендала амца акын ахԥатәии ахәбатәии аихагылақәа. Уахьынтә ауаа дәылгатәын.

Амцарцәаратә гәыԥқәа аамҭалатә магистральла амца дырцәон, ахархәара арҭеит амцарцәаратә алафеҭгьы. Ауаа рдәылгаразы автомашьына ҷыда иақәгылаз амардуан рхы иадырхәеит.

Аминистр Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла, азанааҭуаа рҿаԥхьа иқәгылаз аусдҵа нарыгӡеит, рҟазара аадырԥшит.

Ԥхьаҟатәи аҽазыҟаҵарақәа еиҳа иуадаҩны еиҿкаахоит, атехника ахыԥхьаӡара иацҵахоит ҳәа азгәарҭоит аусбарҭаҿы.

"Ахыбраҿ амцакра": Аԥсны АҶА Тҟәарчал аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагеит