Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аантәи амина рбеит Амшын еиқәаҿы

Урыстәылатәи арратә база ахьгылоу Амшын еиқәатә акваториаҿы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шықәсқәа раантәи амина рбеит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 14– Sputnik. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра иаҵанакуа Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭинспекциа аӡхәыҵалацәа Амшын аҵантә амина ҭыргеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа аофициалтә саит.

Х-сааҭк рыҩныҵҟа аҟазауаа ари аӡыҵакыра акәша-мыкәша ҭырҵаауан, иԥжәо аҽа маҭәарқәак рыҟазаара ашьақәыргыларазы.

Амина урыстәылатәи арратә база асапиорцәа ирырҭеит нас аиҵыхразы.