Акоронавирус злаз даҽа ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15952-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15134-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 241-ы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 341-ы атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 103-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Акоронавирус злаз 81 шықәса зхыҵуаз апациентка лыԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи аковид-хәышәтәырҭаҿы рашәара 14 рзы. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы 57 шықәса зхыҵуаз апациентка лыԥсҭазаара далҵит рашәара 14 рзы.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 42-ҩык, урҭ рахьтә 41-ы акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 14-ҩык, ибжьаратәуп - 28-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 10-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 21-ы, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 17-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - жәҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>