Аслан Бжьаниа Пицунда иҟалаз ахҭыс ахҳәаа аиҭеит

Рашәара 15 рзы Аԥсны атәылауаҩ апансионат "Самшитовая роща" аҿы аԥсшьаҩцәа дрылахысит, ацәгьоура ҟазҵаз ихаҭара шьақәыргылоуп, даанкылоуп.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Пицунда апансионат аҿы аҭыԥ змаз ахҭыс инадҳәаланы аилатәара мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳауеит Ахада иофициалтә саит.

Аԥсны ААР Пицунда иҟалаз ахҭыс ашьҭахь ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа арӷәӷәоит

Атәыла асасцәа рганахьала иаарԥшу ацәгьоурақәа, урҭ Аԥсуа ҳәынҭқарра ҵызшәаауа цәгьоуроуп, иҳәеит Бжьаниа.

Атәыла ахада амчратә усбарҭақәа рнапы ианиҵеит ацәгьоура зуз азакәан инақәыршәаны ихәҭа дақәдыршәарц. Аҳәынҭқарра ахада атуристцәа ршәарҭадара азҵаара хылаԥшра ду арҭаларц реиҳәеит.

Аслан Бжьаниа иҳәеит Аԥсны ААР Гагреи Пицундеи рыҟәшақәа аиҳабацәа рраионқәа рҟны иҟоу аҭагылазаашьазы аҭакԥхықәра ду шрыду.

Аилатәара иалахәын Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, апрокурор хада Адгур Агрба, АА рминистр Дмитри Дбар, АШәМ ахантәаҩы Роберт Киут.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: