Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) аделегациа Аԥсны иаҭааит

Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) ахаҭарнакцәа рделегациа Аԥсныҟа иааит агуманитартәи аконсультативтәи цхыраара аҟаҵаразы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) аделегациа идикылеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсны ауааԥсыра риммунтә статус шьақәыргылоуп

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ВОЗ ахаҭарнак Силву Доманте далацәажәеит аиҿкаара Аԥсны имҩаԥнаго аусура атәы.

Иара иазгәеиҭеит ииасыз ашықәс азы ВОЗ ахаҭарнакцәа Аԥсны агәабзиарахьчаратә система COVID-19 аҿагылара иахьынӡазыхиоу ахәшьара шарҭаз, абжьгарақәа шымҩаԥнагаз.

Доманте иара убасгьы иҳәеит иаҳхысыз амчыбжь азы гуманитартә цхыраарак аҳасабала Аԥсныҟа ишаагаз ПЦР-лабораториақәа ҩба рзы амыругақәа, ахәышәтәырҭақәа ааба рзы – ахаҭалатә хыхьчагақәа.

"Иахьазы ҳҟазауаа аконсультативтә цхыраара мҩаԥыргоит Гагреи Очамчыреи рҟны ПЦР-лабораториақәа хархәагала реиҿкааразы", - иҳәоит Силву Доманте.

ВОЗ аҟазауаа иара убасгьы ареспубликаҿы ахәшәқәа рыҵәахразы ишьақәыргылоу аҳауатә ҭагылазаашьа анализ азыҟарҵоит. Ари аҵак ҷыда амоуп алаҵа ахыԥхьаӡара рацәа аныҟоу.

Ахьшәашәаратә еимадара алаҵаҵәахра адагьы егьырҭ ахәшәқәак рыҵәахразгьы иаҭахуп.

Аусутә еиԥылараан ирылацәажәан акоронавирустә инфекциа, Аԥсны ахәышәтәырҭақәа рмониторинг уҳәа азҵаарақәа.