Аԥсны ауааԥсыра риммунтә статус шьақәыргылоуп

Ареспублика араионқәа быжьба рҿы COVID-19 аҟынтәи ацәеижьҿагылақәа ауаа рцәа иалоу иаламу гәарҭон.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 16 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциахь риммунтә статус 24% ыҟоуп ихымԥадатәиу 80% рцынхәрас ҳәа лҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

Аԥсуа-аурыс программа Аԥсны атәылауаа COVID-19 азы риммунтә статус ҳәаақәнаҵоит

"2700 ҭҵаара рҟынтәи 600 хҭыс раан иҵоуроу аиммунтә статус аарԥшын акоронавирустә инфекциахь – уи 24% ҟалеит. Ашьа анализқәа апробиркақәа рҿы ажәла рну, аха аҭҵаараан аппаратура абиоматериал аномер ауп игәанаҭо. Ставропольтәи ҳколлегацәа анализқәа рылкаақәа ҳарҭеит акодтә номерқәа арбаны, ацәеижьҿагылақәа анҵаны. Уажәы урҭ жәла-жәлала ишьақәҳаргылоит", - лҳәоит Скорик.

Лара илҳәоит абиоматериал азҭаз рыжәлақәа шышьақәдыргыло Ареспубликатә санитар-бактериологиатә лабораториаҿ. Уи аамҭа аҭахуп.

"Ауааԥсыра ачҳара аадырԥшыроуп. Ҳара зегьы аҭел ҳарзасуеит. Аиммунтә статус змам алаҵаҟаҵарахь инашьҭхоит. Иҵоуроу алҵшәа змоу абланкқәа рзылааҩаауеит рыстатус арбаны", - лҳәеит лара.

Иахәҭоу апроцент ҟаларц азы 60 000-ҩык алаҵа ҟарҵароуп.

Аԥсны ауааԥсыра риммунтә ҭагылазаашьа агәаҭараз аԥсуа-аурыс программа хыркәшахеит рашәара 11 рзы.

Ставропольтәи азҩаҿагыларатә институт аҟазауаа ауааԥсыра рбиоматериал ргон акоронавирус аганахьала риммунитеттә ҭагылазаашьа адиагностика азуразы.

Аусура мҩаԥысуан Ареспубликатә санитар-бактериологиатә лабораториаҿ Аԥсны ауааԥсыра риммунтә ҭагылазаашьа агәаҭараз аԥсуа-аурыс программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Ареспублика араионқәа быжьба рҿы COVID-19 аҟынтәи ацәеижьҿагылақәа ауаа рцәа иалоу иаламу гәарҭон.