Арадио

Хаҳәбиаԥҳа ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы: ԥаса аасҭа рымч-рылша иаҳа иазыӡырҩуа иалагеит

Тҟәарчал араион аҵара аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фросиа Хаҳәбиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит сынтәа ашколқәа роушьҭымҭацәа шаҟаҩы ыҟоу, урҭ занааҭс иалырхуа атәы.
Sputnik
Хаҳәбиаԥҳа ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы: ԥаса аасҭа рымч-рылша иаҳа иазыӡырҩуа иалагеит

"Ажәеизатәи акласс иалго аҵаҩцәа 137-ҩык ыҟоуп араион аҟны. Урҭ аԥышәарақәа рҽырзыҟарҵоит, ашкол иалганы иреиҳау аҵараиурҭақәа рахь рхы хоуп, аилахара иаамҭоуп, аҽазыҟаҵарақәа цоит ашколқәа зегьы рҿы. Еиҳараӡаҩык Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ахь ицоит, иҟоуп Урыстәылаҟа ицо, иҭалахьоу аҵаҩцәа, убасгьы иҟоуп еиуеиԥшым аколлеџьқәа ирҭало. Ԥасатәи ашықәсқәа раасҭа аушьҭымҭацәа рҽазыркуа иалагеит дара ирылшо рымҩа рхала алхра. Иахьатәи аҭагылазаашьаҟны иаҳа ахарахәыцра аадырԥшуа, рымч-рылша иаҳа иазыӡырҩуа иалагошәа иҟоуп", - лҳәеит Хаҳәбиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио.