"Ҳәарада, асанитартә шәагазагақәа ирықәыршәаны ахәыҷқәа реихшара уадаҩуп, еиҳарак ашкол дуқәа рҟны. Иара ашкол аҭыӡҭыԥ ааигәа инхо рыдагьы, егьыс аҵара зҵар зҭаху ахәыҷқәа рацәаҩуп. Убри инамаданы ҳара ҳҽазԥаҳшәоит иаҳзыҟаҵозар ҳәа, уи адагьы ԥсыхәа ҳамаӡам, избанзар аамҭа иаҳнарбеит аҿкы чымазараан ахәыҷы рацәа реилартәара шахәҭам. Ҩажәак инареиҳаны ахәыҷқәа класск ахь иҳадҳамкыло ҳәа иӡбаны иҟоуп. "Сара абри арҵаҩ лахь исҭахуп" ҳаҟәыҵроуп… Алагарҭатә классқәа рҟны ҳарҵаҩцәа зегьы рхы аус адырулоит, хар рымамкәа аус руеит, убри азы аӡәы далхны егьырҭ акгьы иаԥсам ҳәа аҳәара иашам", - лҳәеит Арышԥҳа.
Лара иазгәалҭеит ҩажәаҩык ахәыҷқәа иреиҳамкәа аклассқәа рышьақәыргылараан аҵара апроцесс ашьыжьтәи шьыбжьонтәи амшԥҵәақәа рыла еихшахоит ашкол дуқәа рҟны ҳәа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Кәарҷиаԥҳаи Ҭаркьылԥҳаи еиҭарҳәеит ашкол ахь ицо ахәыҷқәа аҵара иахьынӡазыҟаҵоу