Ҩыџьа рлахьынҵа: афонд "Ашана" аишьцәа Ԥаразиаа рзы аԥареизгара хацнаркит

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аԥареизгара хацнаркит еициз аишьцәа Ԥаразиаа Романи Владимири рыхәышәтәразы.
Sputnik

Ԥаразиаа Романи Владимири 12 шықәса рхыҵуеит. Дара шықәсык анырхыҵуаз рҭаацәа игәарҭеит рцәажәара аҿиара шылаҟәыз.

Афонд "Ашана" аишьцәа Ԥаразиаа рзы аԥареизгара иалагоит

Хԥа-хԥа шықәса анырхыҵуаз Москваҟа иргеит. Усҟан имҩаԥгаз ахәышәтәра лыҵшәа амоуит. Заанаҵтәи адиагноз – аутистизмтә спектр иаҵанакуа ашьақәҟьара, анервтә система хада ачымазара, ацәажәара аԥкра. Уи аахыс аҭаацәа уаҳа Аԥсны анҭыҵҟа ицартә аҭагылазаашьа рмоуит.

Быжь-шықәса рыҩнуҵҟа ахәыҷқәа рҭагылазаашьа еиҳагьы ибааԥсхеит, лассы-лассы рыԥсқәа рылышәшәоит, рхаԥыцқәеи рҿаҵеи ачымазарақәа дырҳаит. Уажәы дара адиагноз рзықәыргыларазы Москва, Воино-Иасенецки ихьӡ зху Аҭҵаарадырра-практикатә центр ҷыдаҿ агәаҭара иахысроуп. Уи азы ирҭахуп 315 560 нызқь мааҭ. Ариаҟара аԥара рҭаацәа ирымам азы афонд "Ашана" аԥареизгара хацнаркит.