Аҟәа ацрыҵцарҭатәи аӡымҩангагатәи трубақәа рремонт мҩаԥыргоит

Имҩаԥырго аусурақәа рҟынтә аплан аҿы иарбоу реиԥш ауааԥсыра рыҳәарала иҟарҵогьы ыҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Аҟәа ахадара анхарҭа-коммуналтә нхамҩа Адепартамент имҩаԥнаго аусурақәа рзы адырра ҟанаҵеит.

Цәыббрамзанӡа Аҟәа амҩақәа хԥа акаҭран рықәҵахоит

Ауааԥсыра аҳҭнықалақь "Аӡыканал" иазыҟарҵо аҳәарақәа рыла Иналиԥа имҩеи Басариа имҩеи реихысырҭаҿы ацрыҵцарҭатә трубақәа рремонт иаҿуп. 

Агәмаа имҩаҿы планла иазыԥхьагәаҭаны ирыԥсахуеит иажәхьаз аӡымҩангага труба.

Рашәара 16 азы амҩа-ремонт ргыларатә Усбарҭа Ӡиӡариеи Агәмааи рымҩақәа рҿы ҭыԥ-ҭыԥлатәи аремонтқәа мҩаԥнагон. Лаҵарамзазаы ара аӡымҩангага труба ҿыц шьҭаҵан Аԥсны асоциал-економикатә цхырааразы Аинвестпрограмма ала.