Аԥсны акоронавирус рыдырбалеит даҽа 90-ҩык ауааԥсыра

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 16107-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15182-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 241-ы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 17 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 302-а атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 90-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 57-ҩык, урҭ рахьтә 56-ы акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 14-ҩык, ибжьаратәуп - 30-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 37-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 10-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 21-ы, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 16-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 10-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>