Аԥсны жәларбжьаратәи арра-техникатә форум мҩаԥгахоит

Гәдоуҭа игылоу Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә-база Арратә бџьари атехникеи рырбара иалахәхоит 350 ак атехника.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Аԥсны жәларбжьаратәи арра-техникатә форум "Армия-2021" мҩаԥгахоит Гәдоуҭа, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә-база аҵакыраҿы ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Ауснагӡатәқәа ирылагоит нанҳәа 26 рзы. Имҩаԥыслоит хымш рыҩнуҵҟа. Имҩаԥгахоит арҿиаратә коллективқәа рықәгылара, адәнытә крыфарачара, еилаӡарала аррамаҵзурахь анаԥхьара апунктқәа.

Аԥхынра иалагӡаны урыстәылатәи аррамаҵзурауаа шәкы рҟынӡа ҽазыҟаҵара мҩаԥыргоит

Аррамаҵзурауаа уажәнатә аҽазыҟаҵарақәа ирылагахьеит.

Афорум мҩаԥысуанаҵы аҭааҩцәа идырбахоит арратә техника, ахысга абџьар, атанкқәа Т-72БЗ, зкәылӡы рӷәӷәоу БТР-82АМ, аршьаҟауаа рмашьынақәа, азенит ракетатә комплексқәа "Стрела-10", аракетатә системақәа БМ-21 "Град", икәылӡырку автомашьынақәа "Тигр", "Рысь", зхала иныҟәо артиллериатә шьақәгылақәа 2С3 "Акация", апушкақәа Д-30, аимадаратә станциақәа, атанкҿагыларатә ракетатә комплексқәа, ҳаамҭазтәи аԥырҩы дызҭам аԥрыга аппаратқәа.

Аокруг апресс-маҵзура адыррала "Армия-2021" амҩаԥгара хықәкыс иамоуп Урыстәыла атәылахьчаратә ааглыхра аинновациатә ҿиара, атехнологиа ҿыцқәа аус рыдулара, аҭҵаарадырратә еиҿкаарақәа рҟазауаа қәыԥшцәа руыс ргәазҭаҵара.