Нарҭаа репос амотивқәа рыла стрит-арт Аҟәа иаздырхиоит

Аҟәа ақалақь аҿы стрит-арт апроект мҩаԥысуеит ақалақь ахадара ақәшаҳаҭреи афинанстә цхыраареи рыла.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 17 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Урыстәылатәи граффити асахьаҭыхыҩцәа реиҿкаара, акреаторцәа реиҿкаара "Desarte 365", Аԥснытәи асахьаҭыхыҩ Екатерина Гуськова стрит-арт апроект мҩаԥыргоит ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол аҿаԥхьа.

Гуськова лажәақәа рыла, Аԥсны стрит-арт обиектқәа ҩбаҟа шықәса раԥхьа ицәырҵит, афорум "Таврида" даналахәха ашьҭахь. Уа еибадырит "Desarte 365" алахәылацәеи лареи.

Нарҭаа репос амотивқәа рыла стрит-арт Аҟәа иаздырхиоит

Екатерина лыгәҭакы ақалақь ахадара ирыдылгалеит. Уа асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа адгылара рырҭеит.

Аҭӡаҿы х-сахьак цәыргахоит – Нарҭаа репос амотивқәа ирылху аишьцәа Евгении Михаили Белецкиаа рҭыхымҭақәа. Арҭ асахьақәа ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол аҭыӡқәа дырԥшӡон аибашьра ҟалаанӡагьы.

"Ари ахҭыс асимволтә ҵакы амоуп. Аиҳабацәа уи ргәаладыршәап, аиҵбацәа ишыҟаз еилыркаап. Ахархәара аҭахоит иҷыдоу ашәыга", - ҳәа еиҭалҳәоит Екатерина.

Асахьаҭыхыҩцәа ирыгәҭакуп апарк "Алакә" аҿгьы ҩ-ҭӡык рышәра. Аԥаразоужьра мҩаԥнагоит ақалақь ахадара.

Лаҵарамза анҵәамҭазы Аҟәа имҩаԥган арт-фестиваль "Завтра наступает уже сегодня". Иааԥхьаз урыстәылатәи асахьаҭыхыҩ Макс Гошко-Даньков амшынтә баӷәаза аҭыӡқәа ишәит.