Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Хагәышьԥҳа Гагра амашьына аргыларҭа ҭыԥқәа реиҿкаара атәы

Гагра араион ахадара архитектуреи-аргылареи рыҟәша аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Шьазина Хагәышьԥҳа арадио Sputniк аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит ақалақь аҿы амашьынаргыларҭатә ҭыԥқәа шеиҿыркаауа атәы.
Sputnik

Гагра ақалақь аҿы амашьынаргыларҭатә ҭыԥқәа реиҿкаара напы адыркит. Иалагеит Абазгаа рымҩа ала, иахьазы иазыҟарҵоит 25 машьына ҭыԥ.

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Хагәышьԥҳа Гагра амашьына аргыларҭа ҭыԥқәа реиҿкаара атәы

"Ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа ҳацырхрааны амҩа аиҭашьақәыргылара ҳалагеит. Уи абаҟа ахьгылоу Абазгаа рымҩа инаркны Адыгаа рымҩа налакны аџьармыкьаҟынӡа. Аргылаҩцәа ирыҭан аусутә план, уажәы рус нарыгӡоит. Ақалақь аҟны еиҳарак аԥхын аамҭазы амашьынақәа рхыԥхьаӡара ахьырацәоу аҟынтә уадаҩраны иҳамоуп урҭ ахьдыргыло аҭыԥқәа. Арҭқәа ҳрызхәыцны 25 машьына рҭыԥ архиаразы аус ҳаҿуп", - лҳәеит Хагәышьԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио.