Аԥсны атәылауаа Урыстәыла рыҟазаара аҭагылазаашьақәа рыԥсахит

Владимир Путин иусдҵа инақәыршәаны апандемиа аамҭаз рашәара 15 инаркны цәыббра 30 рҟынӡа Урыстәыла аҵакыраҿы аҳәаанырцәуаа рыҟазаара аҭагылазаашьа ԥсаххоит. Аԥсахрақәа ирыҵаркуеит Урыстәыла атәылауаҩра змам Аԥсны атәылауаагьы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 18- Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны атәылауаҩшәҟәи амиграциатә хсаалагеи рыла Урыстәыла инхо Аԥсны атәылауаа рзы рашәара 16 инаркны адокументқәа рыҿҳәара анҵәара аанкылахоит, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы.

Владимир Путин иусдҵа "Акоронавирустә инфекциа ҿыц алаҵәара аамҭазы аҳәаанырцәуааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи рзы Урыстәыла аамҭала рзинтә ҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы" инақәыршәаны рашәара 15 инаркны цәыббра 30 рҟынӡа Урыстәыла аҵакыраҿы аҳәаанырцәуаа рыҟазаара аҭагылазаашьа ԥсаххоит. Ари аусдҵала аҳәаанырцәуаа рынхараз азини рмиграциатә хсаалагақәеи рыҿҳәара нҵәаӡом.

Аусдҵа азин ҟанаҵом атәылауаҩра змам ахаҿқәеи аҳәаанырцәуааи атәыла ралцара, абахҭақәа ирҭыҵызи амилаҭтә шәарҭадараз ишәарҭоу ауааи рыда.

Ари аҩыза аҭагылазаашьа цәыббра 30 рҟынӡа иҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: