Аԥсны ачаи раԥхьаӡа акәны культурак аҳасабала ицәырҵит 1842 шықәсазы. Раԥхьатәи ачықьқәа еиҭаҳан Аботаникатә баҳчаҿы, арантәи ауп ачаи анаҩс Қырҭтәылагьы алаҵәара шаиуз. 1921 шықәсазы Аԥсны 400 гектар ачаи ааннакылахьан. Асовет аамҭаз Аԥсны ачаи мҽхакы ҭбаала иаадрыхуан, ахаҭабзиара ҳаракын, аекспорт ахь ирышьҭуан. Иахьа, аӡәы-ҩыџьа аиқәырхара иашьҭоу, ари аус аџьабаа азызбо алҵшәа рбарҭоума, иамоума хаԥхьаҟа аԥеиԥш, абарҭқәа арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит Кәтол ақыҭан, Ҭоумышь аҳаблаҟны ачаитә плантациақәа реиқәырхара иашьҭоу Лаша Блабба.
"Ақыҭаҟны 80 гектар рҟынӡа ыҟоуп макьана зеиқәурхар алшо ачаи аплантациақәа. Уаанӡа иҵегь еиҳан, аха абжеиҳара абна ахылеит. Хаҭала сынтәа ачаи напыла ахыхра салагеит, ачаи хыхга амашьынақәа ахьҳамам иахҟьаны. Сара занааҭла стехнологуп, аҵара сҭан хәышықәса Аԥснытәи аҳәынҭқарратә ауниверситет аҟны. Агәыӷра ҳамоуп ачаи культура аиҭарҿиара- аԥхьаҟа аԥеиԥш змоу усуп ҳәа сазхәыцуеит, уи азоуп сзалагазгьы", - иҳәеит Блабба.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ҭарба: аԥсуа чаи амч амоуп, аха аҟәрышь амамзаареи аашьареи аԥырхагахеит