Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла 91 коронавирус хҭыс ҿыц азгәаҭоуп Аԥсны

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 16198-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15190-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 241-ы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 18 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 344-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 91-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 47-ҩык, урҭ рахьтә 46-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 14-ҩык, ибжьаратәуп - 33-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 30-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 10-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 19-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 21-ы, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 11-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>