Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Аԥсны COVID-19, уи ахҟьаԥҟьақәеи ирызкны

Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гули Кьычбеи, Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩ, COVID-19 ибааԥсны изхызгаз Фарида Џьопуаԥҳаи, иара убасгьы Аҟәатәи ахәышәтәырҭа ареанимотолог Дамеи Занҭариеи арадио Sputnik аефир аҿы ҳтәылаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ахҳәаа азыруит.
Sputnik
Хра злоу ахҭысқәа: Аԥсны COVID-19, уи ахҟьаԥҟьақәеи ирызкны

Аҟәа аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы иҭацәу ҭыԥ ыҟаӡам, ҳәа адырра ҟаиҵеит Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы ареанимотолог Дамеи Занҭариа.

"Еиҭа изҭаху ыҟоуп, аха аҭыԥ ахьҳамам аҟнытә Гәдоуҭаҟа иҳашьҭыз ыҟоуп. Ҩымчыбжь ҵуеит ачымазаҩцәа ихьанҭоу рхыԥхьаӡара иацлоижьҭеи. 40 -ҩык рҟынӡа ачымазаҩцәа шьҭоуп. Урҭ рахьынтә жәҩык ихьанҭоу ҳәа иԥхьаӡоуп. Ҳара иҳаман британиатәи аштамм змаз ачымазаҩцәа, урҭ рнаҩс индиатәи аштамм, иҟоуп зынӡа ихьанҭаны изхызго ачымазаҩцәа, ахәшә змыхәо", - азгәеиҭеит Занҭариа.

Аԥсны иазгәаҭоуп "британиатәи аштамм" ахҭысқәа фба

Ауажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гули Кьычба ҳтәылаҿы ачымазаҩцәа рхыԥхьаӡара ацлара ахҳәаа аҭауа илҳәеит, ауаажәларра аҿкы аҽацәыхьчаразы аԥҟарақәа ирықәымныҟәозар, амчратә усбарҭақәа уи хылаԥшра арҭар шахәҭоу.

"Ауаҩы ихдырра анылаҟәу, амчра аарԥштәуп, мамзаргьы ҳахдырра ҳараҳкроуп, ҳажәлар ҳреиҷаҳароуп", - азгәалҭеит Кьычба.

COVID-19 зхызгахьоу Фарида Џьапуаԥҳа лгәаанагарала, ауаа аԥсра иақәшәазаргьы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаны аус еиҿыркаар, ачымазара зыҿиаӡом.

"Ачымазара уацныҟәароуп. Ауаа рхы рҭахызар, ус еиԥш иҟарҵароуп", - азгәалҭеит лара.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.