"Нарцәи Аарцәи ирыбжьоу": ацҳа аԥсуаа рмифологиатә дунеихәаԥшраҿы

Аԥсуаа рдунеитә хәыцраҿы ацҳа ҵакыс иамоу атәы дыррақәак ҳзеидылкылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Sputnik

Ажәа Нарцәы ахархәара ахьамоу аԥсуа бызшәаҿы акыр ирацәоуп: "Инарцәымҩа дықәлеит", "Нарцәы шәыԥсқәа еиқәшәааит", "Нарцәы гыларҭас иоуааит", "Унарцәымҩа лашазааит", "Анарцә тәарҭас-гыларҭас Анцәа иуиҭааит", "Аарцәы илоуҵаз Нарцәы иуԥылоит" уҳәа. Нас изакәызеи Нарцәы аԥсуа жәлар реилкаараҿы?

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ауаҩы иԥсы анҭоу дызқәу ари адунеи аамҭалоуп, даныԥслак иԥсы ахьнанагоу наунагӡоуп. Ауаҩы ицәа-ижьы аамҭала акәзар ишыҟоу, иԥсы ԥсра ақәӡам. Аԥсуаа ҳҟны ҩ-дунеик рыҟазаара агәра ргоит, убри инадҳәаланы ауаҩы даныԥслак ирҳәоит "идунеи иԥсахит", дунеик аҿынтә даҽа дунеик ахь диасит. Аԥсуаа рдунеитә хәыцрақәа рҟны урҭ аҩ-дунеик ирыхьӡуп Нарцәи Аарцәи. Ауаҩы даныԥслак ицәа, ижьы, ибаҩ ари адунеи аҿы иааныжьны, иԥсы ихыҵны иахьцо аҭыԥ Нарцәы ҳәа азырҳәоит.

Абга иақәтәоу: амифи ареалтә ԥсҭазаареи

Абзацәеи аԥсцәеи рдунеи ӡиасуп еиҟәызыҭхо, уи аӡиас ихуп ацҳа - Нарцәыцҳа. Ауаҩы данԥслак иԥсы нырцәи аарцәи адунеиқәа ирыбжьоу аӡиас ихыу ацҳа иқәымсыкәа Нарцәы изнеиӡом. Имариаӡам Нарцәыцҳа ақәсра, џьаҳаным ицои џьанаҭ ицои еилнаргоит, арахәыц еиԥш ипоуп. Зыԥсы анҭаз цәгьарамзар бзиа ҟазымҵоз ауаа, иага рҽыршәаргьы рыԥсқәа уи ацҳа изықәсуам, "нарцәы инарышьҭуам", иалыҩрны џьаҳаным иҭаҳауеит. Нарцәыцҳа ԥынгылада иқәсуеит цәгьара ҟазымҵаз, қьиарала зыԥсҭазаара мҩасыз, гәнаҳара здым зегьы рыԥсқәа. Урҭ џьанаҭ гыларҭас ироуеит.

Аҵарауаҩ Цира Габниа "Аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи ирызкуи ирымҩаԥгашьоуи рзы згәаҭарақәак" ҳәа хьӡыс измоу лыстатиақәа рцикл аҿы илыҩуеит: "Анышә иамардаз роуп зыԥсы Нарцәы инеиуа. Ацәеи-жьи еимадатәуп ҳәа аԥсуаа ирыԥхьаӡоит. Убри азы аҩны имԥсыз, амҩан иҭахаз, аӡы иагаз, ахра иалҟьаз рзы иҟарҵоит "аԥсы аагара", "аԥсы аҭгара" захьӡу аритуал. Усҟан иԥсыз иԥсы арахәыц иқәҵаны иааргоит ицәеи- ижьи анышә иарҭаанӡа еимардарц азы".

Нарцәы иадҳәаланы акыр иҟазшьарбагоуп ауаҩы даныԥслак имҩаԥыргоз ақьабзқәа руак. Академик Валентин Асҭамыр-иԥа Кәаӷәаниа иусумҭа "Аԥсуаа рҿаԥыц поезиа аиҿартәышьа" аҿы абас иҩуеит: "Аԥсы уаҵәы дыржраны уахеиԥш, дызҷаԥшьоз ажьрацәара иаҵанакуаз ракәын. Аҭынхацәа, аиашьара, ажәлар аныԥхьатәалак, асааҭ жәаҩа, акы-ҽеи, аԥсы иҟны инеины аӷәеидчаԥала дықәырҵон ирҽеиразы – дыдрыцқьон, иԥаҵа рсон, дыркәабон. Аԥсы дыԥҳәысзар, аԥҳәыс дылкәабон, дхаҵазар – ахаҵа. Аԥсы данеиларҳәалак имаҭәа-иҩыҭәа, икәыба лырҽеиуан аиаҳәшьа (аҭаца). Аиаҳәшьа (аҭаца) димамзар, иԥҳәыс иҟалҵар акәын. Иԥҳәыс дыԥсхьазар, иҭаца иналыгӡон ари аритуал.

Аԥсы аҩны дыҩныргаанӡа дызқәыркәабаз аӷәеидчаԥала аҩны иҟазар акәын. Анышә данамардалак, аӡы ахьиасуа – кәараз, ӡыӷӷараз инаган цҳас ихырҵон, ауаа ықәсларц. Убри заҟа иқәныҟәоз иара изыҳәан исабаԥуп ҳәа ирыԥхьаӡон".

Хырԥашьа змам: аџьал аԥсуаа рдунеидкылашьаҿы

Амифологиатә дунеихәаԥшраҿы ацҳа нарцәи аарцәи еимаздо маҭәаруп. Ишдыру еиԥш, наџьнатә аахыс ацҳақәа хырҵон аӡиасқәа, акәарақәа, аҩхаақәа, аиасра ма ахыԥара ахьаҭахыз аҭыԥқәа рҿы. Ацҳаҿы ауп аԥсуа миф хаҿсахьа, аӡқәа рынцәахәы Ӡыӡлан ауаа дахьырзышәарыцоз. Лара дамоуп ҳәа ахьырыԥхьаӡоз аҭыԥ ауаа ҿырҳасҭас иҟарҵомызт, уаантә аӡы рыжәуамызт, еиҳараӡак уахынла уахь анеира рҽацәырыхьчон.

Иара убас, аԥсуа хаҵа иԥсҭазаараҿы шаҟа инапала, ихатә џьала ацҳақәа рацәаны ихиҵо аҟара иԥсҭазаара иқәманшәалахоит, идунеи аниԥсахлак инарцәымҩа данықәло ихәоит, џьанаҭ анеира иацхраауеит ҳәа иԥхьаӡан. Ацҳахҵара иазҟазаз ауаҩы дымшуп, имшьҭа бзиоуп ҳәа пату иқәын, ахаҵгылара иман.

Ауаа реинраалара, рыбжьацәажәара иазыманшәалоу ауаҩ ҟәыш изы ирҳәоит, "уи дыцҳаны дҳамоуп". Убасгьы иазгәаҭатәуп "Ацҳа ақәсра иацәаашьаз, даҵнагеит", "Ацҳа ақәсышьа ззымдырыз, даҵнагоит", "Ацҳа арра иацәаашьаз, даҵнагоит" реиԥш иҟоу аԥсуа жәаԥҟа авариантқәа иҳаилдыркаауеит иаашьаны аус мариа ҟазымҵаз ауаҩы ихҟьаны уи "аус мариа" еиҳа ицәгьаз аусқәа шахылҿиаауа.