Аҟәа имҩаԥысит аԥкьаҭымпыл азы ахәыҷқәа рчемпионат

Аицлабрақәа рылахәын 2011 шықәсазы еиҵбызи аԥкьаҭасыҩцәа қәыԥшцәа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Ахәыҷқәа ирызкыз Аҟәа ақалақь Иаарту ачемпионат мҩаԥысит рашәара 18, 19 рзы ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.

Ачемпионат рхы аладырхәит 10 шықәса зхыҵуази иҵегьы еиҵбызи. Аицлабрақәа рыӡбаҩс дыҟан Елизабет Акәыциа.

Аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит Сабри Нанба, аҩбатәи - Нестор Цәышба, ахԥатәи - Альберт Аведисиан. Аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ лгеит Даниелла Гәымԥҳа, аҩбатәи - Валериа Емексузиан, ахԥатәи - Ерика Зыхәԥҳа.

Ачемпионат иалахәыз зегьы иранашьан аџьшьаратә шәҟәқәеи, ахраҿақәеи, аԥхьахәқәеи.

Аицлабрақәа еиҿнакааит Аҟәа ахадара Аҿари аспорти русқәа рзы аусбарҭа.