Жәлар Реизара адепутат Натали Смыр ааигәа линтервиу аҿы иазгәалҭеит Атәанчахәытә фонд аҿаԥхьа аилахәырақәа ирықәу ауалқәа рылгара ишахәҭоу имҩаԥгазҭгьы, атәанчаҩцәа ианахәҭоу ртәанчахәы роуан ҳәа. Адепутат лажәақәа ахҳәаа риҭеит Аԥсны атәанчахәытә фонд аиҳабы Денис Гәылариа.
Иара иажәақәа рыла, аинкассо - даара ихәарҭоу усуп, ауаҩы ашәахәтә аныимшәо иунаҭоит алшара аилахәыра абанктә усқәа зегьы раанкылара.
"Ҳара аӡәгьы даҳҵәаҳӡом. Ишәатәу шшәатәу ҳҳәоит, аха даргьы алшра рымазароуп уи ршәартә еиԥш, уи ауп ас еиԥш аҭагылаазаашьақәа зыҟало. "Амшынеиқәафымцамч" иаҵанакуеит аекономика аминистрра. Дара ашәҟәқәа аарышьҭуеит ҳахьӡала. Уи ауп аинкассо аанкыланы изҳамоу. Уи изныкымкәа иқәҳаргылахьеит, аиашазы, ирықәу аԥара рхыхзар, нас дара русқәа цәгьахоит, лашарада иаанхар ҟалоит ҳраионқәа, ҳқыҭақәа, уи ауп ҳаргьы ҳҽаанкылан ҳзыҟоу. Уи ауп иҳахьыз. Егьыс, ҳара аӡә дыбжьажьны ҳәа иҟаҳҵаӡом. Ҵыԥх аинкассо иабзоураны 22 миллион мааҭ рҟынӡа илхын", - ҳәа азгәеиҭеит Гәылариа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны Атәанчахәытә фонд аҿы ашәарақәа зеиԥҟьо атәы рҳәеит