Черкессктәи акинофорум аҿы арежиссиорцәа Аԥсны алшарақәа ӡырыргеит

Нхыҵкавказтәи аҿар ркинофорум мҩаԥысуеит Черкесск рашәара 18 инаркны 21 аҟынӡа Урыстәылазегьтәи аҿар ркинофорум аҳәаақәа иҭагӡаны.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 21 - Sputnik. Аҩада-Кавказтәи аҿар ркинофорум аҿы Аԥснытәи арежиссиорцәа рхы аладырхәит. Абри атәы еиҭеиҳәеит арежиссиор Дауҭ Логәуа, арадио Sputnik аинтервиу аҭо.

Аԥсни акинои: атәылаҟны иҭыхыз афильмқәа рышьҭра

Иара иажәақәа рыла, Нхыҵ Кавкази Урыстәыла ақалақьқәеи рҟынтәи арежиссиорцәа қәыԥшцәа иахьынхо аҭыԥ акино ҭухыртә иамоу алшамҭақәа ӡырыргоит.

Иара убасгьы арежиссиорцәа рыпроектқәа ӡырыргоит Урыстәыла Акинематографистцәа реидгылаҟынтәи аԥхьахәқәа роуразы – 500 000 мааҭ проектк азы.

Актәи амш азы Аԥснынтәи алахәылацәа ареспублика алшарақәа ӡырыргеит, аролик ала Аԥсны акиноҭоурых ддырбеит.

"Еиҭаҳҳәеит аҭыԥантәи ауааԥсыра активла аҭыхрақәа ишрыдгыло, алшарагьы шыҟоу Акультура аминистрраҿы аҭыхратә гәыԥқәа рыдкылара зырмарио акомиссиа аԥҵара, избанзар акинофорум аҿы цқьа ирыздырам Аԥсны закәу, ара аҭыхрақәа шалшо", - ҳәа иҳәеит иара.

Логәуа иажәақәа рыла, афорум алахәра аинтерес аҵоуп арежиссиорцәа реиԥш асценаристцәа рызгьы.

"Ари лшара дууп алашара аусзуҩцәа инадыркны ацхырааҩцәа рҟынӡа. Апроектқәа заҟа ирацәоу аҟара хра рымоуп", - иҳәеит иара.

Нхыҵкавказтәи аҿар ркинофорум мҩаԥысуеит Черкесск рашәара 18 инаркны 21 аҟынӡа Урыстәылазегьтәи аҿар ркинофорум аҳәаақәа ирҭагӡаны. Имҩаԥгахоит аҟазара-классқәа, атренингқәа, аӡыргарақәа.