Аҟәа амшын аҟәараҿы ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит

Зхаҭара шьақәыргылам ахаҵа иԥсыбаҩ аԥсцәа рышьҭаҵарҭахь инаган. Уаҟа ахаҵа ихаҭареи иқәреи ашьақәыргыларазы аекспертиза мҩаԥыргоит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik, Асмат Ҵәыџьԥҳа. Аҟәа амшын аҟәараҿы ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит рашәара 22 рзы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА.

Аусбарҭаҿы ишазгәарҭаз ала, ахаҵа иԥсыбаҩ аҟәараҿы избаз ауаа АҶА ахь аҭел иасит.

Аҭыԥантәи анхаҩы иакәзар ҳәа агәаанагара ыҟоуп, аха макьаназы ихаҭара шьақәыргылам.

Зхаҭара шьақәыргылам ахаҵа иԥсыбаҩ аԥсцәа рышьҭаҵарҭахь инаган. Уаҟа ахаҵа ихаҭареи иқәреи ашьақәыргыларазы аекспертиза мҩаԥыргоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: