Аԥсны АҶА аусзуҩцәа амшын ахь ихараны иалалаз аԥсшьаҩы деиқәдырхеит

Атуристцәа руаӡәк Кьылашәыр аӡы иахьалало аҭыԥ аҿы 200 метра инахараны амшын агәахьы дыӡсаны дцеит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа амшын агәахьы иӡсаз аԥсшьаҩы, ашхәа ала инеины деиқәдырхеит, ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Атурист аҽыкәабара игәы иахьҭаз ишәарҭоу ҭыԥны иԥхьаӡоуп.

Урыстәылатәи атуристцәа аҵыхәтәантәи аамҭазы изныкымкәа аҭагылазаашьа шәарҭарақәа ирықәшәахьеит. Убас, рашәара 17 азы Гагры дӡааҟәрылеит Урыстәыла атәылауаҩ Михаил Нестеров.

Аԥсны АҶА аусзуҩцәеи Риҵатәи амилаҭтә парк аусзуҩцәеи иахьанӡагьы лыԥшаара иаҿуп рашәара 6 азы аӡиас Иаӷьа ацҳаҟынтә аӡы иалаҳаз атуристка.