COVID-19 злаз даҽа пациенткак лыԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 16480-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15294-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 244-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 22– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 456-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 113-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 1952 шықәсазы ииз аԥҳәыс.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 63-ҩык, урҭ рахьтә 63-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 19-ҩык, ибжьаратәуп - 27-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 39-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 19-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 20-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 14-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>