Урыстәылатәи атуристцәа Ҭырқәтәылаҟа зыхәԥса лаҟәыз атурқәа зегь аархәеит

Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара еиҭахацыркхеит рашәара 22 азы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. Урыстәылатәи атуристцәа Ҭырқәтәылаҟа зыхәԥса лаҟәыз атурқәа зегь аархәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ари аҩыза аҭагылазаашьа анырра анаҭоит абжьаратә хәыԥса ҳәа рҳәоит аекспертцәа.

"Атурқәа рыхәԥса иацымлеит, раԥхьа иргыланы зыхә ҳаракым роуп иаархәо. Усеиԥштәи атурқәа зегь шырҭилак иреиҵаӡоу ахәԥсақәа ҳаракхоит", - рҳәеит атуроператор "Интурист" апресс-маҵзураҿы.

Амаҵзура Level.Travel ахаҭарнак иажәақәа рыла аԥхьатәи амшқәа рзы Ҭырқәтәылаҟа атур иреиҵаӡоу ахәԥса 10 000 мааҭ ишьҭыҵит.

Аԥсны атуризм аминистрра аҟны еиҭарҳәеит аԥсшьаратә аамҭа шымҩаԥысуа

"Ахәашаҽны мчыбжьыктәи атур наҟ-ааҟтәи амҩа алаҵаны х-еҵәак змоу аотель аҿы 27 000 мааҭ ҳәа иааухәар ауазар, ԥшь-еҵәак змоу аотель аҿы анхара 33 000 мааҭ иаԥсазар, хә-еҵәак змоу аотель аҿы аԥсшьара 42 000 мааҭ иаԥсазар иахьазы урҭ ахәқәа абасала иҟоуп: 37 000; 43 000; 55 000 мааҭ ҳәа", - рҳәеит амаҵзураҿы.

Атуроператор Tez Tour иазгәеиҭеит амчыбжь аҩныҵҟа атурқәа бжьаратәла 15% рыхәԥса шеиҳахаз. Tez Tour ахаҭарнак игәаанагарала ахәԥсақәа анырра рырҭеит ԥхынгәы анҵәамҭазы имҩаԥгахо Курбан-баирам аныҳәа.

Иара иазгәеиҭеит рашәарамза нҵәаанӡа бжьаха-бжьымштәи атурқәа ҩыџьа рзы 49,9 мааҭ ҳәа раахәара шалшо (4-еҵәактәи аотель), ма 61, 9 мааҭ (5-еҵәактәи аотель).