Аԥсны атуризм аминистрра аҟны еиҭарҳәеит аԥсшьаратә аамҭа шымҩаԥысуа

© Sputnik / Томас ТхайцукТуристы на набережной Сухума
Туристы на набережной Сухума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы иалагалаз аԥкрақәа рышьҭахь аԥсшьаратә аамҭа мҽхакы ҭбаала имҩаԥысуеит. Аԥсны аԥсшьаразы иманшәалоу ахырхарҭақәа атәылақәа ирыҵаркуеит.

АҞӘА, рашәара 19 – Sputnik. Аԥснытәи асасааирҭақәеи аԥсшьарҭатә ҩнқәеи 80 наӡына рҟынӡа иҭәуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамур Барцыц.

Барцыц иажәақәа рыла, рашәара 11 аҽнынӡа иҟоу адыррақәа рыла Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥссара иаҭаахьеит 154 560 аԥсшьаҩцәа, Афон ҿыцтәи аҳаԥы 103 826-ҩык. 

Туристка на набережной в Гагре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2021
Аԥсны 2021 шықәсазы миллионҩык инареиҳаны аԥсшьацәа ирзыԥшуп

"Арҭ арбагақәа зеиԥш ҟамлацуп Аԥсны атуризм аҭоурых аҿы. Дара 2016 шықәсазтәи арбагақәа ирыхьӡоит, уи ашықәсан аԥсшьаратә аамҭа ишьахәны имҩаԥысит. Сыынтәагьыы аԥсшьаратә аамҭа бзианы имҩаԥысоит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит иара.

Барцыц иҳәеит Аԥсны атуризм аминистрра аусзуҩцәеи асанитар-епидемиологиатә маҵзура аусзуҩцәеи, аковид-уснагӡатәқәа ишрықәныҟәо аилкааразы аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа еицгәарҭоит ҳәа.

Аԥсны атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамур Барцыц иазгәеиҭеит, Аԥсны иаҭаауа аԥсшьаҩцәа реиҳараҩык Краснодартәи атәылаҿацә, Москва, Петербург рҟынтә шакәу ишаауа.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ иҳәеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рҳаиртә еимадара ахацыркра Аԥсны ишаԥырхагам, заатәи аҿаҵарақәа мҩаԥызгаз, зыԥсшьара ахә зшәахьоу рыгәҭакқәа ԥсаххом ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0