VII жәларбжьаратәи афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" аадыртит Аҟәа

2021 шықәсазы жәларбжьаратәи афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" ҩ-етапкны иаадыртит Аҟәа: рашәареи жьҭаареи рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. VII жәларбжьаратәи афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" аадыртит Аҟәа Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы.

"VII жәларбжьаратәи афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" ааҳартит иахьа. Адунеи зегьы аҿы аекономикатә, аполитикатә системақәа реиԥш адоуҳагьы ашәарҭара иҭагылоуп. Угәы иаанагоит аилаҩеиласра, ахаос ахь ашьшьышьшьыҳәа улбаауашәа", - иҳәеит РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба, афестиваль аартуа.

Абри аҩыза аҭагылазаашьаан ауаҩы ицхраароуп аҟазара, акультура, уи ихы ицәыдмырӡыроуп ҳәа иҳәеит иара.

"Агәахәара ду сымоуп шәаргьы ҳаргьы иџьашьахәу атеатртә дунеи ҳахьеицаныло. Фазиль Искандер Аԥсни Урыстәылеи еимаздо культуратә цҳауп. Иара иеиԥш аҽаӡәы урыс бызшәала изеиҭамҳәеит аԥсуа иԥсҭазаара, аԥсуа иԥсабара, аԥсуа иҟазшьа", - ҳәа иҳәеит Хынҭәба.

VII афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" рашәара 21 рзы Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы аартраан иазнархиеит арежиссиортә лабораториа иқәнаргылаз ароман "Сандро Чегьемтәи" аҟынтәи ақәыргыламҭа "Сандро".

Афестиваль алахәхаразы иааԥхьоуп ԥшьҩык арежиссиорцәа, ГИТИСи Шьукинтәи аҵараиурҭеи роушьҭымҭацәа: Андреи Маник, Роман Лыков, Ленара Гадельшина (ГИТИС) Антон Кириллов (Шьукинтәи аҵараиурҭа).

Акультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" 2021 шықәсазы ҩ-етапкны имҩаԥгахоит

Арежиссиорцәа иалырхит "Сандро Чегьемтәи" ахқәа ԥшьба: Харлампои Деспинеи", "Ҳабыгә игәыжь ажәабжь", "Ахәмарыҩцәа" , "Ахаҵа –афырхы ма Чегьемтәи апушкиндырыҩ" .

Арежиссиорцәа ахәаԥшцәа иддырбоит 40 минуҭ инеиуа арҭ аескизқәа ирылхны ԥхьаҟа иқәдыргылараны иҟоу аспектакль зеиԥшрахар ауа.

Аескизқәа иреиӷьу ахәаԥшцәа рыбжьыҭирала иалххоит, уи анаҩс РУСДРАМ арепертуар иало спектакльхоит.

Афестиваль аҩбатәи аетап жьҭаарамзазы имҩаԥгахоит. Иара апрограмма иалоуп Строганов ихьӡ зху МГХПА астудентцәеи аушьҭымҭацәеи рыбжьара Искандер ирҿиамҭақәа рыла имҩаԥгаз аицлабра аиааиҩцәа риуллистрациақәа рцәыргақәҵа; Аԥсны Амилаҭтә банк Фазиль Искандер 90 шықәса ихыҵра иазкны иҭнажьыз агәалашәаратә монетақәа рцәыргақәҵа.

Уи адагьы жьҭаарамзазы Акультура аминистрреи Аҟәатәи ақәыԥшцәа Рыҩни еицымҩаԥыргоит есышықәсатәи ахәыҷқәа рыбжьара асахьаҭыхратә еицлабра "Аҳа иалху ашәырӡ".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: