Аҟәа атәанчаҩцәа аԥсшьараз иалыркаауа ақалақьқәа ирхыԥхьаӡалахеит

Атәанчаҩцәа аиҳарак аԥсшьаразы иаҿарҵо зыхә ҳаракым анхарҭақәа роуп, инырхуагьы ҩ-нызқьмааҭ еиҳам.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. 2021 шықәсазы аԥсшьаҩцәа еиҳа хәыԥсала имаҷны рыԥсы ахьыршьаша аҭыԥқәа Аҟәа аҵанакит ҳәа аанацҳауеит амаҵзура TVIL.RU.

Асиа шьақәыргылоуп 2021 шықәса аԥхынразы ауристцәа рҿаҵарақәа рдыррала.

Атәанчаҩцәа иалыркаауа ахырхарҭақәа жәаба рсиа:

Черноморское884 мааҭ
Еиск1279 мааҭ
Санкт-Петербург1098 мааҭ
Казань1175 мааҭ
Минеральные Воды2000 мааҭ
Аҟәа2000 мааҭ
Кисловодск2000 мааҭ
Севастополь1188 мааҭ
Геленджик1442 мааҭ
Лермонтово841 мааҭ

TVIL.RU астатистикала еиҳа имариоуп Лермонтовои Черноморскии аԥсшьара.